Алеко Гәарамиа Аслан Бжьаниа иахь: Шәара шәиԥоуп ҳтәылаҿы иналукааша апедагог, ари аҳәынҭқарра анапхгараҿы еиҳагьы аҭакԥхықәра ду шәыднаҵоит

Алеко Гәарамиа Аслан Бжьаниа иахь: Шәара шәиԥоуп ҳтәылаҿы иналукааша апедагог, ари аҳәынҭқарра анапхгараҿы еиҳагьы аҭакԥхықәра ду шәыднаҵоит 06.04.2023 17:03

Апсадгьыл-инфо, 6 апреля 2023 г.  
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аректор, академик Алеко Гәарамиа аҵараиурҭа аректорати, апрофессор-рҵаҩратә еилазаареи, астудентцәеи рыхьӡала Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа 60 шықәса ихыҵра идиныҳәалеит.

«Шәара шәиԥоуп ҳтәылаҿы иналукааша апедагог Гьаргь Ашҳангьери-иԥа Бжьаниа. Ари иахьа аҳәынҭқарра анапхгараҿы шәыҟазаараан еиҳагьы аҭакԥхықәра ду шәыднаҵоит. Ҳара ҳақәгәыӷуеит, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аԥҟаԥҵәа инақәыршәаны аҵараиурҭа аԥҵаҩы ифункциақәа рынагӡара уалԥшьаны изду атәыла ахада иаҳасабала, шәҳәынҭқарратә усура ҳажәлар ззықәԥоз, ашьа зызкарҭәоз ҳмилаҭтә ҵараиурҭа аиқәырхареи аизҳазыӷьареи рус иацхараап ҳәа», – аҳәоит адныҳәалараҿы.

Алеко Гәарамиа Аслан Бжьаниа изеиӷьишьеит агәабзиара, аполитикатә ҟәыӷара, инапы злаку Аԥсны жәлар ирыхәарҭахаша аусқәа зегьы рҟны ақәҿиарақәа.

Размещено: Apsny-online
Источник: Апсадгил инфо
Количество просмотров: 1004

Возврат к списку

Наверх