Аслан Бжьаниа инапы аҵаиҩит Д.И. Гәлиа ипремиа ранашьаразы аусҧҟа

Аслан Бжьаниа инапы аҵаиҩит Д.И. Гәлиа ипремиа ранашьаразы аусҧҟа 16.09.2020 13:33

Апсадгьыл-инфо, 16 сентября 2020 г.  
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа инапы аҵаиҩит 2017–2019 шш. рзы алитературеи, аҟазареи, архитектуреи рзы
Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсны Аҳәынҭқарратә премиа ранашьаразы Аусҧҟа, аанацҳауеит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.

Уи инақәыршәаны алитературеи, аҟазареи, архитектуреи рҿы иаԥырҵаз, зыҩаӡара ҳараку, ауаажәларра ирылаҵәаз арҿиамҭақәа рзы, алитературеи, аҟазареи, архитектуреи рзы Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа Акомиссиа аӡбамҭа инақәыршәаны, 2017–2019 шш. рзы алитературеи, аҟазареи, архитектуреи рзы Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсны Аҳәынҭқарратә премиа ранашьоуп:

Барцыц Белла Урсҟан-иԥҳа – Абааҭатәи аццышәқәа. (апублицистика);

Касланӡиа Беслан Иван-иԥа, Шаменкова Светлана Владимир-иԥҳа – Афон Ҿыц абжьаратәи ашкол ареконструкциа;

Чачхалиа Денис Кьыршьал-иԥа – Апоезиатә еигәныҩра (аиҭагақәа).

Размещено: Apsny-online
Источник: Апсадгьыл инфо
Количество просмотров: 1168

Возврат к списку

Наверх