Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба аҳәаанырцә иҟоу адиаспорақәа рахь ааҧхьара ҟаиҵеит
"Егьа гәаҟра рхыргазаргьы, ҳџьынџьуаа рлахьынҵа иахьнанагаз аҳәынҭқаррақәа рҿы, Ҭырқәтәыла, Сириа, Иорданиа уҳәа акырџьара, рдац-ҧашә еиқәырханы иҕьацеит", - ҳәа азгәеиҭеит Рауль Ҳаџьымба.
Аҟәа. Лаҵарамза 21. Аҧсныпресс. Ааҧхьараҿы иаҳәоит:
"Акыр иаҧсоу ҳџьынџьуаа, ҳауаажәлар, ҳашьцәа, ҳаҳәшьцәа!
Кавказтәи аибашьра иахылҿиааз атрагедиа амш аҽны, даҽазныкгьы шәышҟа схы нарханы исҳәоит: ҳаҧхьаҟа уи аҩыза арыцҳара Анцәа ҳацәихьчааит!
Ҧеиҧш бзиа рымазааит аҧсуаа, адыгаа, ачеркесцәа, амҳаџьырра хҵәареи-хыҧсаареи иҭанаргылаз Кавказ ашьхарыуа жәларқәа зегьы!
Зеижәтәи ашәышықәсазын ҳажәлар зҭагылаз арыцҳара ду, амчымхара–адепортациа иахҟьаны хыҧхьаӡара рацәала ҳауаажәлар иаанырмыжьыр амуит рхәышҭаарақәа, рҭыӡҭыҧқәа, ршьамдгьыл, рабацәа рҳаҭгәынқәа.
Шәнызқьҩыла ауаа ҭахеит амҩа ишықәыз, амлакреи, ахьҭакреи, ачымазарақәеи рызхымгакәа. Ҳхы лаҳарҟәуеит урҭ ргәалашәара аҿаҧхьа!
Егьа гәаҟра рхыргазаргьы, ҳџьынџьуаа рлахьынҵа иахьнанагаз аҳәынҭқаррақәа рҿы, Ҭырқәтәыла, Сириа, Иорданиа уҳәа акырџьара, рдац-ҧашә еиқәырханы иҕьацеит, рымҽхак дырҭбааит, иазықәҧоит рбызшәеи, рҭоурыхи, ркультуреи рыхьчара, реизырҳара!
Иара убас шәарҭ ишәылшо зегьы ҟашәҵоит ихьыҧшым Аҧсны Аҳәынҭқарра аинтересқәа рыдгыларазын, рӡыргаразын!
Шәареи ҳареи ҳабжьара ихадараны иҟан, иагьаанхоит ҳаимадарақәа аринахысгьы ррыҕәҕәара! Ҳәынҭқарратә зҵаара дуны иҟоуп ҳџьынџьуаа рҭоурыхтә ҧсадгьылахь-Аҧсынтәылаҟа рыхынҳәразын зыда ҧсыхәа ыҟам аекономикатә ҭагылазаашьақәа раҧҵара! Уи аусаҿы шәареи ҳареи ҳамч-ҳалша еибаҳҭароуп!
Исҭахуп гәык-ҧсыкала ишәзеиҕьасшьарц ахирра, аманшәалара, акзаара, шәареи ҳареи ҳазну амҩаҿы аихьӡара дуқәа!"
Источник: Апсныпресс
Количество просмотров: 1616