Ашәҟәы ҟаҧшь иану колхидатәи ашыц аҿиара ашәарҭара иҭанаргылоит шықәсқәак раҧхьа ицәырҵыз ахәаҷа.
Ашыцмца – абас ахьӡуп ашыц ықәызхуа ахәаҷа. Уи раҧхьаӡа акәны Аҧсны игәарҭеит шықәсқәак раҧхьа. Усҟан дара зчычан иҟаз ҭыҧқәак ракәызҭгьы, уажәазы иара усгьы ашәҟәы ҟаҧшь иану колхидатәи ашыц ақәӡаара аамҭа иҭанаргылар ауеит. Адунеизегьтәи аҵааршә бааҧс ҟалаанӡа иҟаз аҵиаақәа Аҧсны акыр еиқәханы иҟоуп. Урҭ рхыҧхьаӡараҿы – ашықәс аамҭақәа зегьы рзы ииаҵәоу колхидатәи ашыц. Аҧснытәи абнақәа рҿы изызҳауа ашыц аханатәгьы иқәӡаауа аҵиаақәа ирхыҧхьаӡаланы ашҟәы ҟаҧшь ианҵан. Ус ишыҟазгьы, иара иахьа уажәраанӡа Аҧсны аҳәарҧсаррақәа ирыҵаркәа абнақәа рҟны ибзианы иазҳауан. Аха, аҵыхтәантәи ашықәсқәа рзы ашыц зымҿхазкыз ачымазарақәа ирыхҟьаны ақәӡаарахь еихеит уҳәар алшоит. Аекологиеи аҧсабара ахьчареи рзы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Савели Ҷыҭанаа иажәақәа рыла «ашыцмца» ҳәа изышбҭоу ахәац уи ашәарҭа ҕәҕәа иҭанаргылоит. Шықәсқәак раҧхьа ицәырҵыз ари ахәаҷа хкы атәыла ахи аҵыхәеи иалаҵәеит. Аҧснытәи аҳәарҧсаррақәа рҟны шәышықәса зхыҵуа ашыц ахҩаара иаҿуп. Аспециалистцәа излазгәарҭо ала ари аҭагылазаашьа зыхҟьаз, Шәача аолимпиатә обиектқәа рыриаҵәааразы Мрагыларантәи иааргоз ашәаҧыџьаҧ иаланы иааит. Шықәсқәак рыла Шәачатәи арегион аҿы ашыцра ахәаҷа ахаҧеит. Анаҩс Аҧсныҟагьы ииасит. Иара ихнашьаауеит ҿыц изызҳауа аҵиаақәа реиҧш, аҵла дуқәагьы. Аҧснытәи аҳауа анаалеит ари ахәаҷа. Иара араҟа ирласны аҿиара иалагеит. Ашыц ықәӡаауа ианалага, изыхҟьаз аҭҵаара иахьынӡаҿыз, «ашыцымца» аҿиара аҽазнакит. Иара сезонк иалагӡаны пшьынтәны ииуеит. Сваели Ҷыҭанаа иажәақәа рыла уи аҧырҟәҟәааразы аусмҩаҧгатәқәа ирҿуп, аха уи ус имариам. Иара нзырҵәаша ахәшә ҷыда ҳәа макьаназ акгьы ыҟам. Ахьҭа, мамзаргьы дача хәаҷа-маҷак иара ҧсабаратә процессла иара хызшьаауа ак ӡбахап ҳәа агәыҕра ыҟоуп. Аха уаанӡа, Аҧснытәи ашыц ашәарҭара ишҭагылац иҭагылоуп. Сима Аргәын, Ельдар Дамиров, Асҭамыр Ҭхаицыку
Источник: АГТРК
Количество просмотров: 2877