Письмо представителей фамилии Анкваб

Письмо представителей фамилии Анкваб 28.06.2014 10:17

Письмо представителей фамилии Анкваб (с. Хуап, Гудаутского района).

Ииун 21, 2014 шықәса рзы Хәаҧ ақыҭан имҩаҧгаз аижәлантәқәа Анқәабаа аизараҟны ирыдыркылаз аҳәамҭа

Ҳаҭыр зқәу, аҧсуа жәлар!

Аҵыхәтәантәи аамҭазы ҳтәылаҟны имҩаҧысуа ахҭысқәа шәрышаҳаҭуп зегьы. Ачҳара ҕәҕәеи ахәыцра ҵаулеи зҭаху аамҭа уадаҩ ҳашҭагылоу ҳасаб азуны, иццакцәаны еихгоу ашьаҿа анаҩс хнырҳәышьа змам ахылҿиаррц шалшо азгәаҭаны, аполитикатә ҭагәаҭасрақәа зыхҟьази, анаҩстәи рыҿиашьеи ахәшьара рзыҟаҵашьа ҳҽаламхалакәа, ҳажәлар жәытәӡаахыс ирылааӡоу ҳмилаҭтә хаҿра змырӡуа ахаҭаратә цәаҩақәа аарҧшны, ҧхьаҟатәи ҳаҧстазаара ашьақәыргыларазы мызқәак рнаҩс имҩаҧысраны иҟоу атәыла Ахада изаамҭанытәым иалхрақәа зыҽрылазырхәуа аполитикатә мчрақәа рхаҭарнакцәа зегьы шәеилкаараҟынӡа инажәгарц аҳәара ҟаҳҵоит:аполитикатә еиндаҭларақәа ирылахәхо дарбанызаалак ихаҭара аҳаракра қәкыс иҟаҵаны, ҳажәлари ҳаҧсадгьыли ринтересқәа рыхьчара шьаҿакгьы иацәхьамҵыз “сыжәлар рлахьынҵа аасҭа амаҵуратә ҭыҧ” ҳәа гәыҩбарак ҟамҵакәа ҧхьатәара ицаз атәыла Ахада – Александр Золотинска-иҧа ҿҭыӡәӡәала, ҵаҵҕәы змам аҿырҧштәқәеи ихьымӡҕыргагоу ажәақәеи рхархәарала ихцәажәареи, ихьӡ-иҧша аҳәынҵәа ақәҭәареи; зышьақәыргылара макьанагьы акыраамҭеи аџьабаа рацәеи зҭаху, зқьыла аҧсыцқьақәа зыхҭынҵоу ҳҳәынҭқарра қәыҧш аҟны инагӡам агха-ҧхақәа зегьы рзы иара имацара ахада идҵаны аҳәамҭақәа рыҟаҵареи; 200 ҭӡы инарзынаҧшуа иҟоу, Аҧсны иашьагәыҭу, шәышықәсала уи алахьынҵа иалахәу, ижәытәӡоу аҧсуа жәлақәа ируаку Анқәабаа ҳажәла аҳаҭыр лазырҟәуа, политикатә хаҭарақәак еиуеиҧшым амассатә-информациатә хархәагақәа рҟны рықәгыларақәа раан аҭыҧ змоу хәыцрада ацәажәарақәеи азаанкылазарц.

Здац-ҧашә еиларсым аӡәгьы ҳаҟам, ҳазхәыцып ҳхы, ҳаҳаҭыр еибабап!

Аҧеиҧш лаша амазааит ҳҳәынҭқарра. Зқьышықәсала ахьыҧшымреи аилибакаареи рымра ахаҧхалааит!

Размещено:
Источник: http://www.abkhaziagov.org
Количество просмотров: 5013

Возврат к списку

Наверх